Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр жьҭаара 4 рзы Қарҭ имҩаҧгаз акциаан аахақәа зауз азинхьчаҩцәа ибеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр жьҭаара 4 рзы Қарҭ имҩаҧгаз акциаан аахақәа зауз азинхьчаҩцәа ибеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе жьҭаара 4 рзы Қарҭ имҩаҧгаз акциаан аахақәа зауз азинхьчаҩцәа ибеит

Аминистр аҳақьымцәа рҟынтә аполицаицәа рҭагылазаашьа иазку аинформациа дазыӡырҩын, амаҵзуратә ҧхықәрақәа ибзиаӡаны рынагӡаразы азинхьчаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иацы амчыларатә акциаҿы  30ҩык иреиҳаны аполицаицәа аахақәа роуит, урҭ рыхәҭак еиуеиҧшым атравмақәа рыла аҩныҟа иоурыжьҭхьеит.  Ахәшәырҭаҿы ҩыџьа заҵәы азинхьчаҩцәа иаанхеит, иацы цәгьала иҟан, иахьа хәыҷык еиҕьхеит.

Иацтәи акциа иалахәыз аполицаицәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп – дара ибзиаӡаны, еизышәаны, амч рхы иадырхәит. Ҳуааҧсыра ирдыруазар сҭахуп: азакәан аилагара афакт цыҧхьаӡа аҭак ҕәҕәа аиуеит. Аиҳабыра ҭынч рыхҳәара зыҟамлеит, аха, гәрагарала исҳәар сылшоит ҭынч аимырппра шыҟалаз», — иҳәеит  Гека Геладзе.