Атәыла ахада ладминистрациа аҟынтәи ишаарыцҳаз ала, Саломе Зурабишвили Евробанк ахеилак алахәылацәа дырҧылан, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿы Евробанк ацхыраара аҵакы далацәажәеит
Атәыла ахада ладминистрациа аҟынтәи ишаарыцҳаз ала, Саломе Зурабишвили Евробанк ахеилак алахәылацәа дырҧылан, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿы Евробанк ацхыраара аҵакы далацәажәеит

 Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Евробанк ахеилак алахәылацәа дырҧылан, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿы Евробанк ацхыраара аҵакы далацәажәеит.

Орбелианиаа рханаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси, арегионаҿ аҭагылазаашьеи, Европеи Азиеи еимыздо атәыла аҳасабала Қырҭтәыла афункциа арҕәҕәараҿы Евробанк инанагӡо ароли иалацәажәеит.

Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс даналацәажәоз, Қырҭтәыла ахада даҽазнык иазгәалҭеит ақырҭуа жәлар реиҳара Евроеидгыла алалара шырҭаху, абри европатәи алхра альтернатива шамам.