Алкис Дракинос - «Абжьаратә корридор» – аинициатива ссируп, Қырҭтәыла уи агәҭаны ишьҭоуп, Кавказ Азиеи Европеи реимадараҿы ароль хада нанагӡоит, ҳара апроцессқәа зегьы рылахәызаара ҳазҿлымҳауп
Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи рзы Европатәи Абанк Алкис Дракинос иҳәамҭала, «Абжьаратә корридор» – аинициатива ссируп, Қырҭтәыла уи агәҭаны ишьҭоуп, Кавказ Азиеи Европеи реимадараҿы ароль хада нанагӡоит, дара апроцессқәа зегьы рылахәызаара ҳазҿлымҳауп.
Алкис Дракинос иазҵааит «Абжьаратә корридор» арҭбааразы алшарақәа иҟоума ҳәа.
««Абжьаратә корридор» – аинициатива ссируп, Қырҭтәыла уи агәҭаны ишьҭоуп, Кавказ Азиеи Европеи реимадараҿы ароль хада нанагӡоит. Евробанк апроцессқәа зегьы рылахәызаара иазҿлымҳауп. Ҳара «Абжьаратә корридор» иалахәы атәылақәа зегьы активла аус рыцаауеит. Қырҭтәыла ҳалацәажәозар, араҟа аихамҩатә проектқәеи, амҩатә проектқәеи, абаҕәазатә система арҕәҕәара иазку аҭҵаарақәеи аинвестициақәа рылаҳҵахьеит. Ҳара аҵакы змоу алшарақәа зегьы рыдгылара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Евробанк ахаҭарнак Алкис Дракинос.