Атәыла ахада Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз ауааҧсыра анашьамҭақәа раналшьеит
Атәыла ахада Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз ауааҧсыра анашьамҭақәа раналшьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  2022 шықәса ҧхынгәы  29 рзы  Гудаури аиқәырхаратә операциаан иҭахаз ааҩык ауааҧсыра анашьамҭақәа раналшьеит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла ахада лпресс-маҵзура.

Ацеремониа мҩаҧган Орбелианиаа рханаҿ. Иҭахаз ауаа руацәа анашьамҭақәа рырҭеит атәыла ахадеи, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии,  агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвилии.

Атәыла ахада иҭахаз руацәа дрыдашшылеит.

Ҧхынгәы 29  рзы, Қырҭтәыла аҳәаатә полициа иатәу агежьҧрыга МИ – 8, Гудаури  амашәыр зыхьыз  апарапланеристцәа реиқәырхаратә операциаан  ахра иаахан, иҧжәеит.