Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак аиҳабыра рнапхагаҩы иҭыҧ азы Сулхан Ҭамазашвили икандидатура шьақәнарҕәҕәеит
Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак аиҳабыра рнапхагаҩы иҭыҧ азы Сулхан Ҭамазашвили икандидатура шьақәнарҕәҕәеит

Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак, 12 бжьқәа рыла, автономтә республика аиҳабыра реилазаара шьақәнарҕәҕәеит, – ари аинформациа аланарҵәеит Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак.

Аинформациа ишану ала, изаамҭаным апленартә аилатәараҿы, автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы ҿыци  аминистрцәа рҭыҧқәа рзы иара иқәиргылаз акандидатцәеи шьақәдырҕәҕәеит.

Абжьыҭиранӡа, акандидатцәа азакәанҧҵаҩцәа рызҵаарақәа аҭак рырҭеит.

Ҿыц иалху аиҳабыра рхантәаҩы Сулхан Ҭамазашвили Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Давиҭ Габаиӡеи азакәанҧҵаратә орган алахәылацәеи агәрагара изаарҧшразы ҭабуп ҳәа раҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, активла аусеицурала, атәылеи арегиони рзы имаҷымкәа аус бзиақәа рыҟаҵара рылшоит.