Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы иҳасабырба азыӡырҩраан  аимак рыбжьалеит
Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы иҳасабырба азыӡырҩраан  аимак рыбжьалеит

Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилак аҿы Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы иҳасабырба азыӡырҩраан аимак рыбжьалеит.

„Амилаҭтә ҵысра“ ахаҭарнакцәа Ҭорнике Рижваӡе ихарарҵеит зны асасааирҭа  „Редиссон“ аҿы кадыроваа, анеҩс, аурыс аофицарцәа  дрыдтәаланы,  аурыс ашәақәа дырзыӡырҩуан ҳәа.

Ҭорнике Рижваӡе ишиҳәаз ала, абри аҩыза ашәақәа дырзыӡырҩуам.

„Сара абри аҩыза ашәақәа сырзыӡырҩуам. Шәара шәырзыӡырҩуазар, шәырзыӡырҩла. Шәара абасоуп шәшыҟоу, еилкам анҵамҭақәеи шьаҭак зҵам ахарадҵарақәеи рыла шәдәықәуп.  Ҧхашьароуп. Сыззыӡырҩуа ашәақәа шәасҳәап: „Қырҭтәыла ҧшӡа“, „Ақәа агәаларшәарақәа арбааӡоит“, „Знык бгәыдкыланы сцап“.  Шәазыӡырҩы“, – иҳәеит Ҭорнике Рижваӡе.

Ф-сааҭк ҵуеит  Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы иҳасабырба иазыӡырҩуеижьеи.