Ҭорнике Рижваӡе  - Ҳаруаа еснагь ифырхацәан, наҟ-наҟгьы ифырхацәазаауеит, аха,  Саакашвили - дшәаргәындоуп
Ҭорнике Рижваӡе  - Ҳаруаа еснагь ифырхацәан, наҟ-наҟгьы ифырхацәазаауеит, аха,  Саакашвили - дшәаргәындоуп

«Ҳаруаа еснагь ифырхацәан, наҟ-наҟгьы ифырхацәазаауеит, аха,  Саакашвили – дшәаргәындоуп», — иҩит Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы Ҭонике Рижваӡе Facebook аҿы.

«Ҳаҧхьаҟа ижәдыруазарцаз еиҭасҳәоит: ҳаруаа еснагь ифырхацәан, наҟ-наҟгьы ифырхацәазаауеит, аха,  шәара шәлидер Саакашвили – дшәаргәындоуп», — иҩит Ҭонике Рижваӡе.

Иацы,  Аҷара Иреиҳаӡоу ахеилакаҿ аҳасабырба анцәыригоз,  Ҭонике Рижваӡе иҳәеит: «Аҭааҩцәеи ахашәалеи ҩынтә азҳаит. Егьырҭ аҭааҩцәа инарываргыланы,  ари апроцесс азы анырра рымоуп  2008  шықәсатәи еибашьра ашьҭахь Саакашвили авизадатә режим ззышьақәиргылаз атәыла атәылауаагьы,  иара урҭ ашәҭқәеи ақырҭуа аҩи рыла дырҧылон».