Аҷара Иреиҳаӡоу Ахеилак  алахәылацәа автономтә республика аиҳабыра шьақәдырҕәҕәеит

Аҷара Иреиҳаӡоу Ахеилак  алахәылацәа автономтә республика аиҳабыра шьақәдырҕәҕәеит. Аиҳабыра ҿыц ирыдгылеит 14ҩык. Ари аӡбара аӡәызаҵәык дақәшаҳаҭымызт – апартиа  «Иаку амилаҭтә ҵысра» аҟынтә адепутат Иракли Чавлеишвили. Иахьа иара раҧхьаӡа акәны аилатәара далахәын.

Аҷара аиҳабыра рнапхгаҩыс иҟарҵаз Ҭорнике Рижваӡе Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәылацәа агәрагара изаарҧшразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.