Сулхан Ҭамазашвилии Азербаиџьан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри ҭелла еицәажәеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулхан Ҭамазашвилии Азербаиџьан аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиат Еивазови ҭелла еицәажәеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, Вилаиат Аивазов ақырҭуа иколлега Сулхан Ҭамазашвили аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Иара убас, аминистрра аҟынтәи ишаарыцҳаз ала, Вилаиат Еивазов Сулхан Ҭамазашвили аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа днаиҧхьеит.