Ашколхәыҷқәа ршәарҭадара ахьчаразы абжьагарақәеи хымҧада инагӡатәу аҧҟарақәеи иҟоуп

Ашколхәыҷқәа ршәарҭадара ахьчаразы абжьагарақәеи хымҧада инагӡатәу аҧҟарақәеи иҟоуп. Ашколқәа зегьы  рҿы ари аинформациа рымоуп, ашколқәа аҭаацәа иддырдырроуп  аклассқәа рҿы аҵаратә процесс шеиҿыркаауа, — илҳәеит аҵара аминистр ихаҭыҧуаҩ Ека Дгебуаӡе.

Лара ишазгәалҭаз ала, зегьы реиҳа зҵакы дуу абжьагара  —  аҵаҩцәа рыбжьара метрак адистанциа ахьчара. Дгебуаӡе лҳәамҭала, аурок аҿы 29ҩык иреиҳаны аҵаҩцәа иҟазар ҟалом.

«Қәыҧшыларак аҿы аҵаҩцәа зегьы рыртәара алшара иҟамзар, ашкол агибридтә модель ахархәара алшоит», — илҳәеит Ека Дгебуаӡе.

Лара лажәақәа рыла, ашколқәа ирзеиҧшу иаку аҧҟарақәа шьақәыргылам, избанзар, ашкол цыҧхьаӡа ахатә ҭаххарақәа амоуп.