Аҵара аминистрра - Иҳаҩсыз бжьымш рыла аҵаҩцәа 6.5%, арҵаҩцәа - 2.5%  акоронавирус рыдбалан
Аҵара аминистрра - Иҳаҩсыз бжьымш рыла аҵаҩцәа 6.5%, арҵаҩцәа - 2.5% акоронавирус рыдбалан

Аҵара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, арекомендациа иазыԥхьагәаҭаны,  ашколқәа рҿы аҵара еилоу режим ала нагӡоит,епидемиологцәа ррекомендациақәа шьаҭас аҭаны, атәыла амасштабла 2085 аҳәынҭқарратәи 217 хазхаҭалатәи школқәа рҟынтә адистанциатә режимла аус руеит 732 школқәа, иара убас адистанциатә режимла аус руеит 135-ҩык арҵаҩцәа.

Иҳаҩсыз бжьымш рыла  аҵаҩцәа 6.5%, арҵаҩцәа – 2.5% акоронавирус рыдбалан.

Иахьазы арҵаҩцәеи ашколтә администрациақәа русуҩцәеи 73.6% акоронавирус азы алаҵақәа рзыҟаҵоуп. Ашколқәа рҿы арҵаҩцәа атестқәа рзыҟаҵара нагӡоит, 400 школк рҿы арҵаҩцәа PCR атестқәа ашколтә мадперсонал рзыҟарҵоит.

Аҵара аминистрра ашколқәа рмониторинг нанагӡоит.