Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ашколқәа рҟны аоперативтә усԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит, ишәарҭоу акгьы ԥшаам
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ашколқәа рҟны аоперативтә усԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргеит, ишәарҭоу акгьы ԥшаам

Аконтртерористтә уснагӡа ҷыдақәа раан аԥжәагақәа ма аԥжәага маҭәахәқәа ԥшаамызт, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

„Сынтәа, мшаԥы 21 рзы, асоциалтә каҭақәа рҿы – аинтернет ацҵа “Телеграм” аҿы Қарҭтәи аҵараиурҭақәеи ахәаахәҭратә центрқәеи рҿы аԥжәагақәа рыҟазаара иазку адыррақәа аларҵәара роуит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә рхаҭарнакцәа иаашаанӡа аоперативтә усԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргон.

Аконтртерористтә уснагӡа ҷыдақәа раан аԥжәагақәа ма аԥжәага маҭәахәқәа ԥшаамызт”, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

Ашколқәа рҿы аоперативтә усԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит ашәарҭа злаз адыррақәа раларҵәара ашьҭахь.