Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аконтртеррористтә аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылоуп ҩыџьа атәылауаа
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атәыла аҵакыраҿ аамҭакала аконтртеррористтә аоперациақәа мҩаԥнагеит. Аоперациа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылоуп ҩыџьа.
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа ала, аусмҩаԥгатәқәа раан иаанкылан ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа, урҭ рынхарҭа ҭыԥқәа рҟны иԥшаан аџьаԥҳаны, еиуеиԥшым аелектронтә хархәагақәа, аԥаратә, егьырҭ акыр зҵазкуа амаҭәахәқәа.
«Ацәгьоуцәа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы жәларбжьаратәи атеррористтә еиҿкаара рҟны аимадарақәа шьақәзырӷәӷәо еиуеиԥшым ашьақәырӷәӷәарақәа ԥшаан. Аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьаус закәанеидкыла 328-тәи ахәҭаҷ ала. Аусԥшаара мҩаԥнагоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура атерроризм аҿагыларатә Центр», – иануп аҳәамҭа аҿы.