Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәара  -2024 шықәса жәабран 5 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура иаланарҵәаз аинформациа иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.
Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәара -2024 шықәса жәабран 5 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура иаланарҵәаз аинформациа иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

Қырҭтәыла иҟоы Украина ацҳаражәҳәара 2024 шықәса жәабран 5 рзы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура иаланарҵәаз аинформациа иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аам ишану ала, Украина ацаражәҳәара Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура абрифинг аҿы аларҵәара зауз адыррақәа аҭагылазаашьақәеи ргәаҭара иаҿуп.

„Адырра ҳауит Украина атәылауаҩ изакәаным иусзура иазкны. Ацҳаражәҳәара агәра агоит ақырҭуа ган ари аус аполитикатә шьаҭа аҭара шаламго. Украина ацаражәҳәара Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура абрифинг аҿы аларҵәара зауз адыррақәа аҭагылазаашьақәеи ргәаҭара иаҿуп“, –иануп аҳәамҭа аҿы.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, Аконтртеррористтә центр имҩаԥнагаз аоперативтә-усԥшааратә уснагӡатәқәа раан иҷыду артҟәацгақәеи аԥжәаратә маҭәашьарқәеи рацәаны рыԥшааит. Артҟәацгақәа апластикатә аԥжәаратә маҭәашьар С-4 иалан, уи артҟәацра ҟалоит аелектро детонатори иҷыдоу атаимери рыла. Аԥжәаратә маҭәашьар 14 кг икапануан. Аконтеинерқәа ирҭан 6 детонаторки иҷыдоу ацаԥхақәеи.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, артҟәацгақәа Қырҭтәыла аагареи, аиагареи, контеинерк Урыстәылатәи Афедерациа ахырхарҭала атранзиттә аиагареи, Қырҭтәыла аҳҭнықалақь аҿы аҵәахреи бжьҩык Қырҭтәыла атәылауааи, хҩык Украина атәылауааи, Шәамахьтёылаҩыџьа атәылауаа ирхылаԥшуан. Аус иазку аматериалқәа рҿы ишану ала, апроцесс дахылаԥшуан Украина атәылауаҩ, 2020 шықәсаз Одессатәи аобласт аҭыԥантәи Рада Киевтәи араион аҟынтә адепутатрахь апартиа “Жәлар рмаҵзуҩы” акандидат Андреи Шарашиӡе.