Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Қәҭешь-Барселона авиареис аборт аҿы атҟәацга иҟоуп ҳәа имцу адырра аларҵәара афакт азы Қырҭтәыла тәылауаҩк даанкылоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Қәҭешь-Барселона авиареис аборт аҿы атҟәацга иҟоуп ҳәа имцу адырра аларҵәара афакт азы Қырҭтәыла тәылауаҩк даанкылоуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩцәа сынтәа, жәабран 15 рзы Қәҭешь-Барселона авиареис аборт аҿы атҟәацга иҟоуп ҳәа имцу адырра аларҵәара аинициатор иаарԥшразы имҩаԥгаз аусԥшааратә уснагӡатәқәараан, Қырҭтәыла тәылауаҩк дааныркылеит, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациала, иаанкылоу ахаҿы Венгриа иҟоу авиаеилахәыра WizzAir ахадаратә офис ахь даҽа хаҽык имобилтә ҭелла дасит аборт аҿы атҟәацга иҟоуп ҳәа.

„Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аконтртеррористтә центр аусԥшаара хацыркуа имцу адырра аларҵәара афак азы – Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 331 ахәҭаҷ ала, ари ацәгьоуразы иазыԥҳьагәаҭоуп 3 шықәса инаркны 6 шықәсанӡа ма 6 шықәса инаркны 9 шыәсанӡа аҭакра”, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.