Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Ацәгьоуратә уснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла ахада иалхрақәа рыпроцесс аԥырхагахара ргәы иҭоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Ацәгьоуратә уснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла ахада иалхрақәа рыпроцесс аԥырхагахара ргәы иҭоуп

«Ацәгьоуратә уснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла ахада иалхрақәа рыпроцесс аԥырхагахара ргәы иҭоуп», – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа аҿы.

Амаҵзура адыррақәа рыла, ацәгьоура аиҿкаара згәы иҭоу ахаҿқәа, ҳазҭагыло амчыбжь азы – аҩашеи, ахашеи, аԥшьашеи, асабшеи рзы, аҭагылазаашьа изларылшо ала арцәгьара, аибарххара ргәы иҭоуп.

«Ауааԥсыра адырра раҳҭар ҳҭахуп ацәгьоуратә уснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла ахада иалхрақәа рыпроцесс аԥырхагахара ргәы шҭоу, ҷыдала Қырҭтәыла  апарламент ахыбра ааигәара апротесттә армаҷра амзызла, аусура хацыркуеит ацәгьоуратә план анагӡара иалахәу аҭыԥантәи актиорцәа ргәыԥ, урҭ активра ҳарак аадырԥшуеит, ари хықәкыс амоуп ауааԥсыра рыбжьара апротесттә гәалаҟазаара мчыла аизырҳара. 

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ателеканалқәа руак ажурналистцәа рықәлара, ҳгәы ишаанаго ала, ари ацәгьоуратә рплан аепизодқәа иреиуп. Анцәа ҳиаҭабууп, ари ахҭыс аан аӡәгьы иԥсҭазаара дахьалымҵыз. Аусеилыргаратә усбарҭа ҷыдала аусԥшаара имҩаԥнагоит. 

Иҳауз адыррақәа рыла, арҭ ацәгьоуратә уснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы Қырҭтәыла ахада иалхрақәа рыпроцесс аԥырхагахара ргәы иҭоуп. Иҳа́моу адыррақәа рыла, рпланқәа ирылоуа 2-3-ҩык ԥырхага рыҭара», – иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа аҿы.