Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, адистанциатә режим аҿы школк мацара аанхоит
Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, адистанциатә режим аҿы школк мацара аанхоит

Аҵара аминистрра аинформациала, иҳаҩсыз амчыбжьтәи дыррақәа рыла, ашколқәа Covid-19 авирус арбага маҷхеит. Авирус рыдбалан арҵаҩцәа 0,3%, аҵаҩцәа 0,1%.

Аусҳәарҭа аинформациала, аепидемиологцәа ррекомендациала,  Қырҭтәыла иҟоу 2 085 аҳәынҭқарратәи  217 хазхаҭалатәи школқәа рҟынтә, адистанциатә режим аҿы школк мацара аанхоит.

“Иахьазы алаҵақәа рзыҟаҵоуп 73.7% адмнистрациа хаҭарнакцәа, урҭ рҟынтә аҩ дозаҟ рзыҟаҵоуп 97%,” -аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.