Аҵара аминистрра – Ашколқәа рҿы латәаралатәи аформала аҵаратә процесс нагӡоит
Аҵара аминистрра – Ашколқәа рҿы латәаралатәи аформала аҵаратә процесс нагӡоит

Қырҭтәыла аҵара аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ҭамар Махарашвили лҳәамҭала, ашколқәа рҿы аҵаратә процесс латәаралатәи аформала инагӡоит.

Лара лажәақәа рыла, аклассқәа рҿы аҵаратә процесс анагӡаразы иаҭаху аусурақәа зегьы рымҩаҧгара иаҿуп.

«Ишыжәдыруа ала, аҵара аминистр иӡбарала, иахьазы аҭаацәа, ирҭаххар, анахаралатә аҵаратә форма рхы иадырхәар рылшоит. Астатистика шәыдазгалар сҭахуп  – ҳара  2085 аҳәынҭқарратәи  217 хазхаҭалатәи ашколқәа ҳамоуп, урҭ рҟынтә, иахьазы  201 ашколқәа мацароуп анахаралатә аҵаратә формашҟа ииасыз.

Ашколқәа зегьы рнапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит излауа ала асоциалтә ҭакҧхықәра аарҧшны, аклассқәа рҿы аҵаратә процесс анагӡараҿы иҳацхраарц», — илҳәеит Ҭамар Махарашвили.