Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, 2028-2029 аҵаратә ашықәс азы аҳәынҭқарратә университетқәа рҿы астудентцәа рыдкылара аквотақәа ҩынтә ирацәахоит, избанзар, 11-тәии 12-тәии аклассқәа ирҭоу ахәыҷқәа ашкол еицалгоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҵара аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, 2028-2029 аҵаратә ашықәс азы амагистртә программақәа рзгьы иаҳа ирацәаны астудентцәа рыдыркылоит.
„Амагистртә аҩаӡараҟны аиҭакрақәа ҟалоит , избанзар, абакалавриаттә программақәа реиҳара 3-шықәсатәи аҵаратә модель ашҟа ииасхьеит, 2027-2028 аҵаратә ашықәс азы абакалавриаттә программақәа ирылгоит 2024 шықәсазы, иара убас, 2025 шықәсазгьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалаз астудентцәа. Убри аҟынтә, 2028-2029 аҵаратә ашықәс азы амагистртә программақәа рзы иаҳа ирацәаны астудентцәа рыдыркылоит.
Ареформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашколқәа рҿы X-XI аклассқәа ҟалоит. Ашколхәыҷқәа 12тәи аклассахь ииасуеит дара рҭаххарала, заанаҵы арегистрациа иахысны.
11-тәи акласс аҿы ашколхәыҷқәа арепетиторцәа рымазаауеит, уи абзоурала, дара амилаҭатә аҧышәарақәа рзы рҽазыҟарҵар рылшоит“, – иануп Аҵара аминистрра аинформациаҿы.