Аҵара аминистрра 2022-2023 аҵаратә ашықәс азы иҟало аиҭакрақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит
Аҵара аминистрра 2022-2023 аҵаратә ашықәс азы иҟало аиҭакрақәа ирызку аинформациа аланарҵәеит

Қырҭтәыла ашколқәа рҿы 2022-2023 аҵаратә ашықәс иалагоит цәыббра 15 рзы.  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҧшьгарала, аҵаратә ашықәс алагара амш азы Қырҭтәыла ашколқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа нарыгӡоит, аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхуеит.

Аминистрра адыррала, сынтәа актәи акласс иҭалеит  55 717ҩык ахәыҷқәа.

Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә школқәа рҵаҩцәа, ҧасеиҧш, арҵагашәҟәқәеи атетрадқәеи рыла еиқәыршәазаауеит.  Сынтәа аҳәынҭқарратә школқәа ирҭалаз ахәыҷқәа апортативтә компиутерқәа рырҭоит.

2022-2023 аҵаратә ашықәс инаркны ахәыҷқәа Қырҭтәыла аҭоурых рҵоит ихьыҧшым амаҭәар ҳасабала. Иара убас,  актәи акласс аҿы, хымҧадатәи амаҭәар ҳасабала, ашахмат асра рҵоит.

2022-2023 аҵаратә ашықәс инаркны,  II-VI аклассқәа ирҭоу аҵаҩцәа хымҧада акомпиутертә технологиақәа ҭырҵаауеит.

Аҭахра ду иазҧхьагәаҭаны, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә школ №220 аҿы, украинбызшәалатәи даҽа секторк аадыртуеит.  Иара убас, Баҭымтәи  №20-тәи аҳәынҭқарратә школаҿ украинбызшәалатәи асектор дырҭбаауеит.  Зыӡбахәы ҳәоу асекторқәа ирҭало аукраин хәыҷқәа, аукраин маҭәарқәа инарываргыланы, ақырҭуа бызшәеи алитературеи рҵоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала украинатәи ашколқәа рҿы аҵара зыназымгӡо, Қырҭтәыла аҵара назыгӡар зҭаху ашколхәыҷқәа, ирмариоу аҧҟарала Қырҭтәыла ашколқәа ирҭалоит.