Гьаргь Амилахвари - Аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ауаажәлар зегьи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалоит
Гьаргь Амилахвари - Аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ауаажәлар зегьи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалоит

Қырҭтәыла Аҵара аминистр Гьаргь Амилахвари аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ауаажәлар зегьи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалоит.

“Иахьа, цәыббра 15 рзы атәылаҿ аҵаратә ашықәс ҿыц иалагеит. Ари амш ҷыдара рыдысныҳәалоит актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа. Аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ауаажәлар зегьи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдысныҳәалоит, иқәҿиароу ашықәс ирзеиӷьасшьоит“, – иануп Гьаргь Амилахвари идныҳәалараҿ.

Аҳәыҭқарратә школқәа рҿы 2023-2024 шш. аҵаратә ашықәс ҿыц алагеит.

Аҵара аминистрра аинформациа ала, сынтә раԥхьаҿа аҵәҵәа асит 55000-ҩык актәи акласс аҵаҩцәа рзы, урҭ рҟынтә 48000-ҩык актәи акласс ахь аҳәынҭқарратә школқәа рҿы иҭалеит.