Гьаргь Амилахвари Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акартвелологиа ацентр ааиртит
Гьаргь Амилахвари Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акартвелологиа ацентр ааиртит

Шәамахьтәыла визитла иҟоу  Қырҭтәылa Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистр Гьаргь Амилахварии Шәамахьтәыла Аҵaреи aҵaрaдырреи, акультуреи аспорти рминистр  Жанна Андерсиани Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акартвелологиа ацентр аадыртит.

Ауснагӡатә аҿы Гьаргь Амилахвари ҩтәылак ирыбжьоу аҭоурыхтә аиҩызара арҭбаара аус аҿы ацентр аартра аҵак ду шамоу иазгәеиҭеит. Аминистр Акартвелологиа ацентр аартра аус аҿы алагала ду азы иҭабуп ҳәа раиҳәеит Шәамахьтәыла Аҵaреи aҵaрaдырреи, акультуреи аспорти рминистр  Жанна Андерсиани, Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аректор Ҳованес Ҳованесиани, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа.

Гьаргь амилахвари ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла астратегиатә партниор тәылақәа рҿы акартвелологиа ахырхарҭақәа рырҿиара адгылоит.

Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Акартвелологиа ацентр аартра ацеремониаҿ Гьаргь Амилахвари ацентр ҳамҭас  аиҭеит “Абжьас-цәа зәшәу” амузеитә екземплиар.

Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Акартвелологиа ацентр аартра ацеремониа ихы алаирхәит Шәамахьтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Шарвашиӡе.