Ақырҭуа бызшәа арҵара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, астудентцәа ҩынтә еиҳаны аҧара рзоурыжьҭуеит
Ақырҭуа бызшәа арҵара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, астудентцәа ҩынтә еиҳаны аҧара рзоурыжьҭуеит

Қырҭтәыла аҵареи,  аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари иӡбарала, 2024-2025 аҵаратә ашықәс инаркны, ақырҭуа бызшәа арҵара апрограмма иалахәы астудентцәа  (1+4) ҩынтә еиҳаны аҧара рзоурыжьҭуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҵара аминистрра.

Аусбарҭа адыррала,  100-100ҩык азербиаџьантәи ашәамахьтәи студентцәа рцынхәрас,  200-200ҩык астудентцәа аҳәынҭқарратә бызшәа аҵаразы аҧара рзоурыжьҭуеит. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, афинансыркра аҭаӡара есышықәса иазҳауеит.

Аминистрра аинформациа ишану ала, Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистрразы аҧыжәара змоу ахадаратә зҵаарақәа иреиуп  аетникатә аиҵарақәа аҵара аиуразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара.