Қырҭтәыла аҵара аминистрра  – Уажәазы иҟоу адыррқәа рыла, ашколқәа рҿы аус зуа арҵаҩцәа рҟынтәи  73,6% алаҵақәа ҟарҵахьеит
Қырҭтәыла аҵара аминистрра  – Уажәазы иҟоу адыррқәа рыла, ашколқәа рҿы аус зуа арҵаҩцәа рҟынтәи  73,6% алаҵақәа ҟарҵахьеит

Ашколқәа рҿы аҵаратә процесс алагара инамаданы, арҵаҩцәеи административтә усзуҩцәеи ртестирра апроцесс арежич ҷыдала имҩаҧысуеит.

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра ацхыраарала,  Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр ахаҭарнакцәа,  аҳәынҭқарратә школқәа рҿы 400ҩык раҟара аҳақьымцәа аханатә иазыҟарҵеит.

«Ҷыдала иазыҟаҵоу аҳақьымцәа роуп ашколқәа рҿы атестирра мҩаҧызго. Аиҭазыҟазара иахымсыц аҳақьымцәа аус ахьыруа ашколқәа рҿы атестирра мҩаҧыргоит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр ахаҭарнакцәа.

Иахьазы  ашколқәа рҿы аус зуа арҵаҩцәеи административтә усзуҩцәеи  рҟынтә  73,6%   алаҵақәа ҟарҵахьеит», — иануп Аҵара аминистрраа адырраҿы.