Қырҭтәыла ашколқәа рҿы акоронавирус ахкҿыц аҿкаара арбагақәа маҷхеит

Қырҭтәыла аҳәынҭқарратәии хазхаҭалатәи ашколқәа рҿы акоронавирус ахкҿыц аҿкаара арбагақәа маҷхеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  Қырҭтәыла Аҵара аминистрра.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, акоронавирус рыдбалоуп  4,3% арҵаҩцәеи  1,5% аҵаҩцәеи.  Аепидемиологцәа рыбжьгарала,  2085 аҳәынҭқарратәи  217 хазхаҭалатәи ашколқәа рҟынтәи уажәазы  314 анахаралатәи аҵара арежим аҿы иҟоуп. Атәыла зехьынџьара  аҵаратә процесс уажәгьы еилаҧсоу асистемала имҩаҧысуеит.

Аҭаацәа  анахаралатә аҵара арежим алырхыр рылшоит.