Ашәахьа инаркны акоронавирус иадҳәалоу аԥкрақәак аԥыххоит
Ашәахьа инаркны акоронавирус иадҳәалоу аԥкрақәак аԥыххоит

Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак аӡбамҭа инақәаршәаны, ашәахьа, хәажәкыра 28 инаркны акоронавирус иадҳәалоу аԥкрақәак аԥыххоит. Ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы Гиорги Ӷибраӡе.

Ӷибраӡе ишазгәеиҭаз, иарку ақәыԥшылареи атранспорти рҿы асабрадақәа ныҟәгатәуп, егьырҭ арегулиациақәеи аҟрақәеи зегьы аԥыххоит.

„Аԥыххоит афатә аобиектқәа рганахьала иҟаз аԥкрақәа, иара убас аспорттәи аҟазаратәи уснагӡатәқәеи ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аԥкрақәа. Адистанциатә реимла аус зуаз аусуҩцәа русурҭа ҭыԥқәа рахь ихынҳәыроуп. PCR атест ада аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәуа Қырҭтәыла атәылауаа рзы аԥыххоит аҽыԥхьакра иазкуаԥкра. Иаанхоит алаҵақәа рыҟаҵара адгыларатә программа,” – иҳәеит Ӷибраӡе.