Арчил Ҭалакваӡе  – Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит
Арчил Ҭалакваӡе  – Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит

Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Украина иаҿагылоу изакәызаалак агрессиак амҩаҧгареи   ари атәыла ахьыҧшымра аилагареи ҟалом. Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент авице-спикер  Арчил Ҭалакваӡе.

«Ҳазынтәгьы ибзианы иаабоит иахьа Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа рымпыҵахалара ишеиҧшу. Ари аимак ҵаам, ампыҵахалара инагӡоит, зыӡбахәы ҳәоу арегионқәа рҿы есымша ауаа рзинқәа еиларгоит.  Ҳәарада, уи ҳаргәамҵуеит.  Урыстәыла анапхгара Қырҭтәыла иҟарҵаз ауп иахьа Украина иҟарҵо.  Ҳпартниорцәа рҟны аимадара ҳамоуп,  жәларбжьаратәи зини Украина ахьыҧшымреи еилазго азакәандаратә аурангаӡара иахәҭоу аҭак арҭап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Ҭалакваӡе.