Арчил Ҭалакваӡе - Бучеи Ирпени иаҳзеиҭарҳәоит ахьыԥшымра иазықәԥо афырхцәа рҭоурых, арҭ амш цәгьақәа раан Украина адгылара азааҳарԥшуеит
Арчил Ҭалакваӡе - Бучеи Ирпени иаҳзеиҭарҳәоит ахьыԥшымра иазықәԥо афырхцәа рҭоурых, арҭ амш цәгьақәа раан Украина адгылара азааҳарԥшуеит

Бучеи Ирпени иаҳзеиҭарҳәоит ахьыԥшымра иазықәԥо афырхцәа рҭоурых, – “Твиттер” аҿы иҩит апарламенттә аиҳара алахәыла Арчил Ҭалакваӡе.

Ҭалакваӡе иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Украинеи украинатәи ажәлари адгылара рзаанарԥшуеит.

„Бучеи Ирпени иаҳзеиҭарҳәоит ахьыԥшымра иазықәԥо афырхцәа рҭоурых. Ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму аибашьра алҵшәақәа иаабеит. Арҭ амш цәгьақәа раан Украинеи украинатәи ажәлары адгылара рзааҳарԥшуеит”, – иҩит Ҭалакваӡе.

Мшаԥы 15 рзы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили анапхгара ззиуаз апарламенттә делегациа Украинаҟа идәықәлеит. Аделегациа иалан апарламент авице-спикерцәа  Давиҭ Сергеенкои, Арчил Ҭалакваӡеи, Леван Иоселиании, иара убас,  «Лело» иалахәы Анна  Нацвливилии,  «Гирчи» алахәыла  Вахтанг Мегрелишвилии,   «Ареспубликатә партиа» алахәыла  Хаҭуна Самниӡеи, апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» алахәыла Гьаргь Хоџьеванишвилии. Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Украинантә мшаԥы 17 рзы ихынҳәит.