АР - ЕАШ аофициалтә хаҿқәа ишаарыцҳаз, заанаҵтәи аҭҵаара инақәыршәаны, Польша икаҳаз аракетақәа украинатәи аруаа урыстәылатәи аракетақәа рҭарзаразы рышьҭит
АР - ЕАШ аофициалтә хаҿқәа ишаарыцҳаз, заанаҵтәи аҭҵаара инақәыршәаны, Польша икаҳаз аракетақәа украинатәи аруаа урыстәылатәи аракетақәа рҭарзаразы рышьҭит

ЕАШ хҩык аофициалтә хаҿқәа ишаарыцҳаз, заанаҵтәи аҭҵаара инақәыршәаны, Польша икаҳаз аракетақәа украинатәи аруаа урыстәылатәи аракетақәа рҭарзаразы рышьҭит. Ари атәы аанацҳаит АР.

Акьыхь аинформациала, ЕАШ аофициалт хаҿқәа ражәақәа рыла, ари украинатәи азениттә ракетақәа акәзаап.

АР ишаанацҳауа, ари апозициеи Баиден иҟаиҵаз аҳәамҭеи ЕАШ аԥшыхәратә маҵзура ачинҳаракҩы иинформациа иаҿагылоит, уи иҟаиҵаз аҳәамҭала, Польша урыстәылатәи аракетақәа каҳаит.

ЕАШ ахада Џьо Баиден иҟаиҵаз аҳәамҭала, Польша аҵакырадгьыл аҿы икаҳаз аракетақәа Урыстәылантәи ишьҭын ҳәа игәы иаанагом.