«Ақырҭуа гәахәтәы» аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат уаҵәы дықәдыргылоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат уаҵәы дықәдыргылоит

«Ақырҭуа гәахәтәы» аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат уаҵәы дықәдыргылоит, — абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит апартиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Иахьа аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара ари атәы ааицҳаит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг ҷыда аҿы.

„Иацы ақалақьтә аӡбара, Ника Мелиа,  аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, абаандаҩтәра иқәырҵеит. Ари ауаҩы ақырҭуа закәан даараӡа пату ақәиҵон ҳәа сызшәаҳәом. Рашәара 20 рзы иара ҳтәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵон апарламент ажәыларазы, иара усҟантәи ахҭысқәа реиҿкааҩцәа дреиун, аха, ус ишыҟоугьы,  сара спозициа ҕәҕәоуп, аконкреттә хаҿык изы имҩаҧгатәу ауснагӡатә егьа изакәанзаргьы, аиашаӡбара ала иҳәаақәҵазаргьы, ари ауснагӡатә атәылауаа ргәабзиареи  рыҧсҭазаареи азы шәарҭазар, мамзаргьы, инеизакны атәылаҿы аполитикатә ескалациа ахылҵыр ауазар, уи мҩаҧгатәым ҳәа сгәы иаанагоит. Ҷыдала иахьа, ҳтәылаҿы аполиткиатә аибарххареи аполиаризациеи аныҟоу, абри зегьы ҳтәыла аҿиареи ашәарҭадареи иаҧырхагоуп, ҳтәыла аҧеиҧш азы шәарҭоуп. Иахьа ҳара ҳазынтәгьы, ҳтәылауаагьы, аглобалтә пандемиеи, аекономикатә кризиси, арегион аҿы иҟоу апроблемақәеи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, аполиаризациеи ҳаҿагыланы ҳанықәҧо, ҳхылҵ иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәыршәара анаҳҭаху, абри аҩыза ауснагӡатә амҩаҧгара ҟалом. Уи мҩаҧгазар ауеит иҟалар зылшо  ашәарҭарақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, дарбанызаалак ҳтәылауаҩ, иполитикатә хәыҧшырақәа иахьыҧшымкәа, шәарҭак дҭамыргылакәа, атәылаҿы иаҳа аескалациа ашәарҭа аныҟамло.  Рыцҳарас иҟалаз, сареи сгәыҧ алахәылацәеи ари азҵааразы ҳзеиқәшаҳаҭымхеит, убри аҟынтә,  снапынҵақәа шьҭасҵарц сыӡбеит. Абри ашьаҿа атәыла аполиткиатә қәыҧшылараҿы аполиаризациа армаҷып  ҳәа сгәыҕуеит. Агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳабжьара аполиаризациеи аиҿагылареи даараӡа ишшәарҭоу, атәыла аҧеиҧши, аекономикатә аҿиареи, акризис алҵреи ишаҧырхагоу“, – иҳәеит Гьаргь Гахариа.