"Ақырҭуа гәахәтәы" аофис аԥхьа изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара зҭаху атәылауаа акциа мҩаԥыргоит

“Ақырҭуа гәахәтәы” аофис аԥхьа  аҵысра “Аҵысра Қырҭтәылазы” алахәылацәа акциа мҩаԥыргоит.

Урҭ изаамҭаным алхрақәа рымҩаԥгара рҭахуп.

“Аԥыза-министр иҭыԥ Гахаиа ааникыло, Кобахиӡе ааникыло, уи ҳара ҳзы зегь акоуп. Ҳтәылаҿ иҟоу анапхгара илегитимым, изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаԥгатәуп”, – ирҳәоит акциа алахәылацәа.