«Апресса жәларбжьаратәи аинститут» Қарҭ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирықәҿнаҭит  -  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, зыҧшра ҟамҵакәа, арҭ ауаа аарҧшны ианыркылароуп
«Апресса жәларбжьаратәи аинститут» Қарҭ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирықәҿнаҭит  -  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, зыҧшра ҟамҵакәа, арҭ ауаа аарҧшны ианыркылароуп

«Апресса жәларбжьаратәи аинститут» Қарҭ имҩаҧысуа ахҭысқәа ирықәҿнаҭит .

Twitter аҿы аиҿкаара аофициалтә даҟьа ишану ала,  «Апресса жәларбжьаратәи аинститут» даараӡа иаргәамҵуеит АИХ ахаҭарнакцәа рықәлара афакт.

««Апресса жәларбжьаратәи аинститут»  даараӡа иаргәамҵуеит  Қарҭ имҩаҧысуаз ахҭысқәа аазырҧшуаз 20ҩык раҟара ажурналистцәа рықәлара афакт.   Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, зыҧшра ҟамҵакәа, арҭ ауаа аарҧшны ианыркылароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

Ишыжәдыруа ала,   «Ҭбилиси Праид» иаҿагылоу ауааҧсыра иахьа шьыжь инаркны Русҭавели имҩаду аҿы акциа мҩаҧыргоит. Дара АИХ ахаҭарнакцәа ирықәлан, Қырҭәтыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалишвилии егьырҭ ателееилахәырақәа рҭыхратә гәыҧқәеи аахақәа роуит.