Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Праид амчыбжь иаҿагыло агәыҧқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит азакәан иақәныҟәарц
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Праид амчыбжь иаҿагыло агәыҧқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит азакәан иақәныҟәарц

«Ҭбилиси Праид» амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәеи апротесттә акциақәеи ирыдҳәаланы,   Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа амобилизациа рызуп, азинхьчаҩцәа   ауаажәларратә аиҿкаареи, ауааҧсыра зегьы ргәаанагара аарҧшразы ирымоу азини аизара  ахақәиҭреи  рыхьчоит, –  иануп аусбарҭа адырраҿы.

Иахьа, ҧхынгәы  2 рзы, Қарҭ, апарламент ахыбра иаҧну аҵакырадгьыл аҿы, Праид иаҿагыло ауааҧсыра апротесттә акциа мҩаҧыргоит, иара убас, иарку қәыҧшыларак аҿы Праид амчыбжь ахыркәшаратә уснагӡатә мҩаҧысуеит.

«Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Праид амчыбжь иаҿагыло агәыҧқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит азакәан иақәныҟәарц, аполициа аусзуҩцәа рзакәантә аҳәарақәа нарыгӡарц, ауаа закәанла ирымоу аизареи адемонстрациеи азин аҳәаақәа ирҭымҵырц», — иануп адырраҿы.