Аҧсахрақәа ирызку азакәанпроект инақәыршәаны, алхраҧхьатәи ахықәкқәа змоу апартиақәеи ахаҿқәеи, аҳәаанырцәтәи ацхыраарала алекциақәеи, асеминарқәеи, урҭ иреиҧшу егьырҭ ауаажәларратә усмҩаҧгатәқәеи рынагӡара азин роуам

«Атәылауаа рполитикатә аидҵарақәа ирызку» азакәан иаларгало аҧсахрақәа инрықәыршәаны,  алхраҧхьатәи ахықәкқәа змоу апартиақәеи ахаҿқәеи, аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәа рфинанстә цхыраарала  алекциақәеи, асеминарқәеи, урҭ иреиҧшу егьырҭ ауаажәларратә усмҩаҧгатәқәеи рынагӡара азин роуам.

Иашьашәалоу аҧсахрақәа цәырган Абиуро иахьатәи аилатәараҿы.

Апроект инақәыршәаны,  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа  аполитикатә партиақәа рзы алекциақәеи,  асеминарқәеи,  егьырҭ аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара азин роуам.

Уажәазы амч змоу азакәан ала,  аполитикатә партиақәа Қырҭтәыла атәылауаҩра змам ахаҿқәа рҟынтә аҧаратә цхыраара аиура азин рымам,  хәыда-ҧсада алекциақәеи асеминарқәеи,  урҭ иреиҧшу егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи рымҩаҧгара ада.

Уажәазы амч змоу азакәан инақәыршәаны,  азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аҧкрақәа апартиақәа ринституциатә аҿиара хықәкыс измоу,  иарбанзаалак аполитикатә мчы адгылара иадҳәалам  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи аиуристтә хаҿқәеи ирыдкьыслом.

Аҧсахрақәа цәырнагеит афракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы».