Аҧсабаратә рыцҳара амшала Ливиа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 5 нызқьҩык рҟынӡа
Аҧсабаратә рыцҳара амшала Ливиа иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит 5 нызқьҩык рҟынӡа. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, 10 000ҩык хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит CNN.
Ливиа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, 5300ҩык иреиҵамкәа ҭахеит.
Ливиа аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы ақәоурацәгьа амшала ҩ-дамбак ибган, аӡы зхыҵәыз араионқәа иҵегьы аӡы рҭалеит.
Аҭыҧантәи анапхгара рҳәамҭала, зегьы реиҳа идуу азарал аиуит Дерна ақалақь, уаҟа хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡоуп 6000ҩык.