Аҧыза-министри Испаниа аҳи  FITUR 2021 аадыртит
Аҧыза-министри Испаниа аҳи FITUR 2021 аадыртит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Испаниа ивизит иалагеит.

Аиҳабары рнапхгаҩы,  Испаниа аҳ Филлип VI-тәи аҳҧҳәыс Летициеи дрыцны, Мадрид, ацәыргақәҵатә центр  IFEMA аҿы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа FITUR 2021 ааиртит.  Қырҭтәыла абри ауснагӡатә иалахәып апартниор тәыла астатус ала.

Жәларбжьртәи атуристтә цәыргақәҵа  FITUR 2021 аартра ацеремониаҿы иқәгылеит  FITUR жәларбжьаратәи комитет ахадеи ацәыргақәҵатә центр анагӡаратә комитет анапхаҩи. Аҧыза-министр,  Испаниа аҳ дицны, абри ауснагӡатә ихы алаирхәит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы дызхагыло Қырҭтәыла аделегациа иалоуп авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи, аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, аусхкытә економикеи аекономикатә политикеи рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Давиҭ Сонҕулашвилии.

Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿы ахатә стенд ҷыда амоуп. Қырҭтәыла хазы иазалху ақәыҧшылараҿы атуроператорцәеи, аилахәырақәеи, амедиа ахаҭарнакцәеи Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ирызкны инарҭбаау аинформациа роур рылшоит.

Сынтәа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәып  100 раҟара атәылақәа.