Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит 
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дылҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ана Либер дылҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аибадырратә аиҧылараҿы ҩ-тәылак русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазкны Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара. Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩ ҿыц илзеиҭеиҳәеит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресси уажәазы атәылаҿ имҩаҧысуа ареформақәеи ирызкны. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит акандидат астатус Қырҭтәылазы аҵакы ду шамоу.

Аҧыза-министр ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс адгыларазы ҭабуп ҳәа лаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит ари апроцессаҿ Швециатә аҳра аҟынтә адгылара аҵакы ду шамоу.

Иракли Ҕарибашвили Ана Либер Қырҭтәыла лдипломатиатә миссиа алагара лыдныҳәаланы, наҟ-наҟтәи аусураҿы ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.