Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра аҧыза-министр Борис Џьонсон диҧылеит
Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи рыбжьара астратегиатә партниорреи ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Иеиду аҳра аҧыза-министр Борис Џьонсони реиҧылараҿы. Иракли Ҕарибашвили Борис Џьонсон диҧылеит Мадрид ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә интеграциеи адгыларазы. Иара ишиҳәаз ала, адемократизациеи ареформақәеи рыбзоурала ҩ-тәылак рпартниорра иаҳа иҕәҕәахап ҳәа дәгыҕуеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭрf азун еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы ҩ-тәылак русеицура, ишазгәаҭаз ала, астратегиатә диалог аформати еиуеиҧiым аусхкқәа рҿы аусеицуреи абзоурала, ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит. Иракли Ҕарибашвили Борис Џьонсон Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.