Аҧыза-министр идҵала, Борџьоми аҧсабаратә рыцҳара аҽацәыхьчареи амца арцәаратә усурақәа қәҿиарала рымҩаҧгареи амзызла, апроцесс рхы аладырхәоит Атәылахьчаратә мчқәа
Аҧыза-министр идҵала, Борџьоми аҧсабаратә рыцҳара аҽацәыхьчареи амца арцәаратә усурақәа қәҿиарала рымҩаҧгареи амзызла, апроцесс рхы аладырхәоит Атәылахьчаратә мчқәа

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили идҵала, Борџьоми амуниципалитет аҿы аҧсабаратә рыцҳара аҽацәыхьчареи амца арцәаратә усурақәа қәҿиарала рымҩаҧгареи амзызла, апроцесс рхы аладырхәоит Атәылахьчаратә мчқәа. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рхархәара иазку ақәҵара инапы аҵаиҩхьеит. 

Уажәазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ала Борџьоми амуниципалитет аҿы амца арцәаратә усурақәа ирылахәуп 250-ҩык абылрацәыхьчаҩцәа.