Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит авакцицнациа алахәызаара  аманшәалара аиҕьтәразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирласӡаны имҩаҧыргарц
Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит авакцицнациа алахәызаара  аманшәалара аиҕьтәразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирласӡаны имҩаҧыргарц

Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит авакцицнациа алахәызаара  аманшәалара аиҕьтәразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирласӡаны имҩаҧыргарц
Аиммунизациа апроцесс амҩаҧгашьеи авакцина ахархәара алшара арҭбаара ахымҧадареи иалацәажәеит Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит атәылауаа авакцинациа ахархәара рылшаратәы ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы ирласӡаны реиқәыршәара.
Абри ахықәкы анагӡаразы, ақыҭатә лабораториақәа  рхархәареи ақалақь дуқәа рҿы иҟоу ахәаахәҭратә обиектқәа рҿы авакцинациа ацентрқәа реиҿкаареи ргәы иҭоуп. Атәылашҟа иаагоуп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу 4 вакцинак, инеизакны 2 миллион адозақәа. Атәылаҿы аепидҭагылазаашьа иаҳа еицәамхарц, аҧкрақәа реиҭашьақәыргылара ахымҧадара ҟамларцаз, авакцинациа апроцесс иаҳа ирласны имҩаҧгатәуп.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи агоспиталтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, иаҭаххар, Агәабзиарахьчара аминистрра агоспитальтә сектор аҿы иацҵаны аиарҭақәа реиқәыршәара иалагоит. Иара убас, аковид ахылаҧшра апроцесс иалахәызаауеит иҵегьы 4 клиникатә сасааирҭак, иааиуа амшқәа рҿы абри ахырхарҭала аусура иалагоит иҵегь  9 сасааирҭа ҿыцк.

Ахеилак аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, атәылаҿы есымша авирус ҿызкаауа ауаа рхыҧхьаӡара хшыҩзышьҭра азутәуп, аиҳабыра ари апроцесс иахылаҧшуеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит  авакцинациа апроцесс инаваргыланы, амч змоу арегулиациақәа ирықәныҟәаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц, иарку ақәыҧшыларақәеи, амуниципалтә транспорти, иара убас, иаарту ақәыҧшылараҿы ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәеи рҿы асабрада ныҟәыргаларц. Ишдыру ала, аиҳабыра рыӡбара ала, иарку, иара убас, иаарту ақәыҧшылараҿы ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, еиуеиҧшым аиубилеиқәеи уҳәа, асоциалтә уснагӡатқәа рымҩаҧгара ҟалом. Убри адагьы, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала,   PCR-тест иҵоурам аҭак ала зтәылауаа Қырҭтәылаҟа аара зылшо атәылақәа реиқәыҧхьаӡа ацлеит Либании Иорданиеи.