Аҧыза-министр Goldman Sachs аглобалтә аизыҟааазаашьақәа рзы ахада  диҧылеит
Аҧыза-министр Goldman Sachs аглобалтә аизыҟааазаашьақәа рзы ахада диҧылеит

 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили,  Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  америкатә амультимилаҭтә аинвестициатә банки афинанстә сервисқәа рзы аилахәыреи  – Goldman Sachs аглобалтә еизыҟазаашьақәа рзы ахада Џьаред Коен диҧылеит. 

Аҧыза-министр америкатә идуӡӡоу аинвестициатә банк аглобалтә еизыҟазаашьақәа рзы ахада аинформациа наӡа ииҭеит Қырҭтәыла аекономикатә ҭагылазаашьеи аинвестициатә лагылазаареи иазкны. 

Ишазгәаҭаз ала,  ҵыҧх,  адунеиаҿ апандемиа иахылҵыз апроблемақәа шырацәазгьы,  Қырҭтәыла ҧхьаҟацара нанагӡоит,  атәыла аекономика азҳара иаҿуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа аконкреттә хырхарҭақәа рҿы ҳаҧхьаҟа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит. 

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла иалкаауп зыгәра угаша,  иҭышәынтәалоу апартниор ҳасабала. 

Америкатә амультимилаҭтә аинвестициатә банки афинанстә сервисқәа рзы аилахәыреи  2022 шықәсазы  47,36 миллиард адоллар ахашәала аман.