Аоппозициа ахаҭарнакцәа  апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет аҿы имҩаҧысуаз, 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу Евроеидгыла аплан алацәажәара рхы аладмырхәит  
Аоппозициа ахаҭарнакцәа  апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет аҿы имҩаҧысуаз, 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу Евроеидгыла аплан алацәажәара рхы аладмырхәит  

Апарламенттә аиҳара алахәыла Гурам Маҷарашвили иҳәамҭала, аоппозициаа даҽазнык ажәлар иддырбеит 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу Евроеидгыла аплан аус адулара ишазыхиам.

Маҷарашвили иажәақәа рыла, аоппозициа алахәылацәа  апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет иахьатәи аилатәарашҟа имнеит.

«Акомитет аилатәараҿы аусуратә гәыҧ аиҿкааразы аӡбара ҳадаҳкылеит. Аконсультациақәа рышьаҭала ари агәыҧ иалахәызар ҟалоит апарламенттә оппозициеи атәылауаҩратә сектори  ахаҭарнакцәагьы.  Зыӡбахәы ҳәоу аусуратә гәыҧ алахәылацәа цәыббранӡа азакәанпроектқәа зегьы дырмазеиуеит, анеҩс, ҳара арҭ азакәанпроектқәа ҳрыхәаҧшны, аӡбара ҳадаҳкылоит», — иҳәеит  Гурам Маҷарашвили.