Аолимпиада-2024 ашҟа Урыстәыла инарышьҭыр, Европа абоикотҟаҵара алшара иахәаҧшуеит
Аолимпиада-2024 ашҟа Урыстәыла инарышьҭыр, Европа абоикотҟаҵара алшара иахәаҧшуеит

 Аолимпиада-2024 ашҟа Урыстәылеи Беларуси  инарышьҭыр, европатәи атәылақәа  абоикотҟаҵара алшара иахәаҧшуеит. Ари атәы аанацҳаит аҭыжьымҭа   Inside the Games.

Ари агәаанагара дадгылеит Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет ҧасатәи алахәыла Герхард Ҳеиберг.

Европатәи атәылақәа Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет ахада Томас Бах иажәақәа абас ирықәҿырҭит. Уажәааны Бах ишиҳәаз ала, урыстәылатәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи атуриниқәа рахь рырхынҳәра азҵаара иалацәажәароуп.

Бах игәаанагара иақәшаҳаҭымхаз рацәоуп.

Афранцыз журналист  Ален Лиуценфихтер ишиҳәаз ала, Томас Бах иинициатива анагӡара  «парижтәи аолимпиада архәаҽуеит».