Анна Фотыга ишаалыцҳаз, Михеил Саакашвили абахҭаҿ ибаразы азин лырымҭеит
Анна Фотыга ишаалыцҳаз, Михеил Саакашвили абахҭаҿ ибаразы азин лырымҭеит

Европарламент алахәыла Анна Фотыга ишаалыцҳаз, Михеил Саакашвили абахҭаҿ ибаразы азин лырымҭеит. Ари атәы Европарламент алахәыла “Твиттер” аҿы аалыцҳаит.

“Абахҭаҿ Михеил Саакашвили ибаразы мап сарҳәеит. Аиҳабыра аахтызаареи агәазыҳәара бзиеи ахьрымам, даараӡа сгәы иалсит. Даҽазнык исҳәар сҭахуп, аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵара ашанс иҟоуп. Қырҭтәыла аиҳабыра ԥасатәи ахада иԥсҭазаареи игәабзиареи рзы аҭакԥыхқәра рыдуп,” – илҩит Фотыга.