Андреи Касианов - Қырҭтәылаҿ Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара апроцесс 2023 шықәса жәабран алагамҭазы ихыркәшап ҳәа сгәыӷуеит
Андреи Касианов - Қырҭтәылаҿ Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара апроцесс 2023 шықәса жәабран алагамҭазы ихыркәшап ҳәа сгәыӷуеит

Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Андреи Касианов ишааицҳаз Қырҭтәылаҿ Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара апроцесс 2023 шықәса жәабран алагамҭазы ихыркәшап ҳәа дгәыӷуеит.

” Қырҭтәылаҿ Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара азҵаара иашьашәалоу аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи акт аус адулара аетап аҿы иҟоуп.  Уи алҵшәа Украина ахада иқәҵара ала аеилаҳҟаауеит. Уажәы акалендартәи афинанстәи ашықәс анҵәамҭахь инеиуеит, Украинаҿ иашьашәалоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аџьаба ду аҭахуп. Ари апроцесс 2023 шықәса жәабран алагамҭазы ихыркәшап ҳәа сгәыӷуеит,” – иҳәеит Андреи Касианов.