Агәыҳалалратә марафон "Еиқәҳархап Украина" амҩаԥгаразы, Андреи Касианов Актәи аканал аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы анаишьеит
Агәыҳалалратә марафон "Еиқәҳархап Украина" амҩаԥгаразы, Андреи Касианов Актәи аканал аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы анаишьеит

Қырҭтәыла  Украина азҵаарақәа аамҭала знапы иану Андреи Касианов агәыҳалалратә марафон “Еиқәҳархап Украина” амҩаԥгаразы, Қырҭтәыла Актәи аканал аҭабуратә аҳаҭыршәҟәы анаишьеит.

Андреи Касианов Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара “Зхы иақәиҭу агәаанагара” даҭаан, аҳаҭыршәҟәы Гиорги Гвимраӡе ииҭеит.

“Агәыҳалалратә марафон “Еиқәҳархап Украина” амҩаԥгаразы Украина акультуреи аинформациатә политикеи рминистр Александр Ткаченко ихьӡала Актәи аканал иҭабуп ҳәа аҳҳәоит,” – иҳәеит Касианов.

Гиорги Гвимраӡе Қырҭтәыла  Украина азҵаарақәа аамҭала знапы иану Андреи Касианов иҭабуп ҳәа иаиҳәан, украинатәи жәлар аҭынчра рзеиӷьаишьеит.