Андреи Касианов  - Украина акандидат астатус анашьара  - авансым, аџьшьара аҭара акәӡам, Украина 30  шықәса  ари аӡбара иазықәҧон
Андреи Касианов  - Украина акандидат астатус анашьара  - авансым, аџьшьара аҭара акәӡам, Украина 30  шықәса  ари аӡбара иазықәҧон

Ақырҭуа жәлар европатәи аперспектива иадҳәалоу иацтәи аӡбара рыдысныҳәалоит. Рашәара 23 Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи, рҭоурых ианылоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу, Украина азҵаарақәа аамҭала знапы иану Андреи Касианов.

Иара иажәақәа рыла, Украина ари астатус анашьара Украина мацараз кәымкәа, Европа аҧеиҧш азгьы аҭоурыхтә ҵакы амоуп.

«Украина урыстәылатәи ампыҵахалаҩцәа рҟынтә ахатә ҵакырадгьыл фырхаҵара ахьчара нанагӡоит. Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара ҳаигәырҕьоит. Ари аӡбара Украина мацараз кәымкәа, Европа аҧеиҧш азгьы аҭоурыхтә ҵакы амоуп.  Уи авансым, аџьшьара аҭара акәӡам, Украина 30  шықәса  ари аӡбара иазықәҧон. Украинаа Европеи адемократиеи иазықәҧоит. Ҳҧеиш аиҕьтәра аус рхы ақәырҵоит.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡабарала Евроеидгыла ишьақәнарҕәҕәеит Украина аҵыхәанӡа аиааира агаанӡа ари атәыла ишадгыло», — иҳәеит Андреи Касианов.