Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект атехника-економикатә ҭҵаара амҩаҧгара амзызла, Қырҭтәыла Адунеи абанк азыҳәамҭа аланаҵоит,  $75 миллион адоллар азы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра иҟоуп
Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект атехника-економикатә ҭҵаара амҩаҧгара амзызла, Қырҭтәыла Адунеи абанк азыҳәамҭа аланаҵоит,  $75 миллион адоллар азы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра иҟоуп

«Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект атехника-економикатә ҭҵаара амҩаҧгара амзызла, Қырҭтәыла Адунеи абанк азыҳәамҭа аланаҵоит,  $75 миллион адоллар азы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра иҟоуп», — иануп аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭа адыррала, аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы излацәажәаз  азҵаарақәа иреиун  Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект  — «Амшын еиқәа аӡаҵантәи афымцамҩангагатә цәаҳәа апроект атехника-економикатә ҭҵаара амҩаҧгаразы аресурсқәа рыдыҧхьала иазку».

«Лымкаала, Қырҭтәыла аинициативала, апроект аус адулара иалагахьеит, зыӡбахәы ҳәоу апроект ала иазҧхьагәаҭоуп Кавказтәи арегиони Европеи реимадара Амшын еиқәаҿы авольҳаракытә аӡаҵантәи афымцамҩангага ала.   Лымкаала, Амшын еиқәа аӡаҵан иалсны ицо афымцамҩангагатә цәаҳәа Қырҭтәылеи Румынтәылеи ренергосистемақәа еиднаҳәалоит.

Атехникатә ҭҵаарақәа иалагахьеит, урҭ ирзоушьҭуп  2,5 миллион евро, аусурақәа сынтәа ихыркәшахоит», —  иануп аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура аинформациаҿы.

Ҵыҧх, ҧхынҷкәын 17 рзы, Қырҭтәылеи,  Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи рпаны аҵарҩит Амшын еиқәа ала афымца амҩангаразы  аӡаҵантәи акабель ашьҭаҵара иазку апроект.