Амиран Гамҟрелиӡе - Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахоит, зымҽхак дуу аепидемиа ҟалар ауеит
Ҩымчыбжь еиҳаны иҵуеит есымша акоронавирус 600 еиҳаны афактқәа ааҳарҧшуеижьҭеи, жәабран алагамҭа инаркны аҭагылазаашьа цәгьахеит. Афакт ҿыцқәа раарҧшра арбага 3 наӡынак рҟынӡа ишьҭыҵхьеит. Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла аицәахара иаҿуп. Ҳара аҧҟарақәеи арегулиациақәеи наҳамгӡар, авирус атәыла зеџьынџьара аларҵәара иалагоит. Абҵареи ҧхынҷкәыни рзы ишыҟаз еиҧш, зымҽхак дуу аепидемиа алагар ауеит — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.
Иара иажәақәа рыла, авакцина ҟазҵар зҭаху ауаа маҷуп.
«Мшаҧи лаҵареи рзы ҽнакала 3-4 нызқьҩык ауааҧсыра авакцинақәа рзыҟаҳҵалароуп, аха, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыла 1 100ҩык раҟара иҟарҵеит, уи даараӡа имаҷуп. Ажәлар агәра дҳаргароуп авакцинациа ада авирус аҵархара шҳалымшо. Ашықәс анҵәамҭанӡа 60 наӡына ауааҧсыра авакцинақәа ҟарҵар, атәылаҿы аепидемиа хыркәшазаауеит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.