Амиран Гамҟрелиӡе  - Аҧкрақәа шьақәҳаргыларгьы, урҭ наҳамгӡар, ари апроцесс аформалтә ҟазшьа амазаауеит
Амиран Гамҟрелиӡе  - Аҧкрақәа шьақәҳаргыларгьы, урҭ наҳамгӡар, ари апроцесс аформалтә ҟазшьа амазаауеит

«Атәылаҿы шаҟа аресурсқәа иҟоу ибзианы иаадыруеит,  ҳазлацо асценари зеиҧшроугьы еилаҳкаауеит. Ашәарҭара шдуу еилаҳкаауеит, аха, аҧкрақәа шьақәҳаргыларгьы, урҭ наҳамгӡар, ари апроцесс аформалтә ҟазшьа амазаауеит. Иахьазы амч змоу аҧкрақәа  90 ма  80%-ла инагӡазҭгьы, иахьа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа абас ицәгьахомызт. Убри аҟынтә, иҵегьы аҧкрақәа шьақәыргылоуп ҳәа ақьаад ианаҳҵаргьы, уи акгьы ҳзаанагом.

Ауаҩҧсы цыҧхьаӡа асабрада аныҟәгаразы аҭак иҧхықәзароуп,  иарбанзаалак административтә орган ари апроцесс изахылаҧшуам,  ауаа зегьы дара рхала рхы иахылаҧшроуп», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.